Аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы аусутә гәыԥ аԥснытәи алахәылацәа актәи аилатәара аихшьаалақәа рзы апресс-конференциа мҩаԥыргеит

Аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра  армариаразы  аусутә гәыԥ  аԥснытәи алахәылацәа актәи аилатәара  аихшьаалақәа рзы апресс-конференциа мҩаԥыргеит
20 June 2022 596

Рашәара 20, 2022 шықәсазы Аԥсны ААР Амедиацентр авидеоконференциа аформат ала имҩаԥнагеит Аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы аусутә гәыԥ актәи аилатәара.

Аилатәара иалахәын Аԥсни Урыстәылеи рдепутатцәа, еиуеиԥшым аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала аилацәажәара иалахәын: аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Аԥсны ААР аконсултә департамент анапхгаҩы, аусутә гәыԥ алахәыла Лаша Аҩӡба, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алхас Барзаниа.

Аилацәажәараҿы азхьаԥшра рыҭан атехникатә зҵаарақәа, аҳәаа ахысра армариара азҵаарақәа, ҷыдала иалацәажәан аекскурсиатә автобусқәа рзы ацәаҳәа-цҵа аартра.

Иара убасгьы ирылацәажәан аихамҩатә, аҳаиртә, акруизтә еимадарақәа, Урыстәылатәи Афедерациахь алалараз аԥкырақәа рахыхра. Аԥкырақәа аналаргалоз, COVID-19 апандемиаамҭаз урҭ рзырхан Урыстәыла изаламлоз ахԥатәи аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа.

Аганқәа рыҩбагьы аинтерес аадырԥшит Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа маншәаларыла, имгәаҟкәа аурыс-аԥсуа ҳәаа рахысра алшо аҟаҵараз.

Аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы аусутә гәыԥ аусура ԥхьаҟагьы иацҵахоит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: