Ҭырқәтәыла аиԥылара мҩаԥысит

Ҭырқәтәыла аиԥылара мҩаԥысит
1 March 2023 179

Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Ахаҭарнакреи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа анапхгара ахантәаҩи алахәылацәеи Анталиа ақалақь аҿы иҟоу Аԥсуа культуратә центр аҿы аԥсуа-адыга еилазаара ирԥылеит.

Аиԥылараҟны ирылацәажәан Аԥсни арегион адиаспора рхаҭаранкцәеи ԥхьаҟатәи русеицура азҵаара.

Уи адагьы аиԥылараан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Озкан Чкуа, Ердоган Мыт, Умит Қьецба иранашьан амедалқәа «Аиааира –25 шықәса», аҳаҭыртә шәҟәыбӷьыцқәа.

Анталиа иҟоу Аԥсуа культуратә центр аԥсуа жәлар ретно-культуратә ҩаӡара аларҵәараз аусура ҭбаа мҩаԥнагоит.

Уажәазы аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит акультуратә ҵакыра аԥҵаразы апроект аус адулара аганахь ала.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: