Ростовтәи аобласт аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳаҭыртә Консул Адик Аршбеи Ростов ақалақь Ахадеи еиԥылеит

Ростовтәи аобласт аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳаҭыртә Консул Адик Аршбеи Ростов ақалақь Ахадеи еиԥылеит
23 June 2017 770
Дон иаԥну Ростов аҟны Ростовтәи аобласт аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳаҭыртә Консул Адик Аршбеи Ростов ақалақь Ахада Витали Кушнареви еиԥылеит.

Аиԥылараҟны ирылацәажәан Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ростовтәи аобласти рыбжьара аусеицура арҿиара иазырхаз азҵаарақәа жәпакы.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Адик Аршба Витали Кушнарев хәы-змоу аҳамҭақәа иҭаны изымҩаԥгаз адкыларазы ҭабуп ҳәа иҳәеит.

Витали Кушнарев иакәзар иазгәеиҭеит иганахь ала иахәҭоу ацхыраара шыҟаиҵо, Адик Аршба иусураҿы ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: