Заур Ӷәаџьаа аилатәара далахәхеит

Заур Ӷәаџьаа  аилатәара далахәхеит
8 December 2023 73

ԥхынҷкәын 5, 2023 шықәсазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела ахада Николас Мадуро Мороси аиҳабыра Рфедералтә хеилаки реилатәара далахәхеит.

Ауснагӡатә мҩаԥысит Каракас Амилаҭтә ар ртеатр аҿы.

Аилатәараҿы атәыла ахада дрылацәажәеит Венесуелеи Гаианеи рыбжьара аҵакыратә еимакы азы аконсультативтә референдум ашьҭахь ирыдыркылаз астратегиатә уснагӡатәқәа жәба.

Аконсультативтә референдум иалахәын 10 400 000 венесуелатәи алхыҩцәа.

Николас Мадуро иҳәеит “Венесуела Еиду аштатқәа рыдҵақәа рынагӡара агәы ишҭам». Ари ҭакны иҟалеит Аҳәынҭдепартамент ахаҭарнак Метиу Миллери аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Браиан Николси рзы. Урҭ уаанӡа аҳәамҭа ҟарҵахьан Ессекибо азы аимак " референдумла иуӡбо усӡам" ҳәа.

Ахада иҳәамҭақәа:

1. Гаиана Ессекибо ахьчараз Иреиҳаӡоу акомиссиа аԥҵахоит. Акомиссиа хылаԥшра аиҭалоит Ареспублика ахада ихаҭыԥуаҩ Делси Родригес.

2. Гаиана Ессекибо ахьчараз азакәан Амилаҭтә ассамблеиаҿ алацәажәара иалагоит.

3. Гаиана Ессекибо Аинтегралтә хьчаратә зона аԥҵахоит.

4. Гаиана Ессекибо ахьчараз Иреиҳаӡоу акомиссиа аԥҵахаанӡа Гаиана Ессекибо Алексис Родригес Кабельо хадас дҟалоит. Аполитика-административтә штаб-квартира Тумеремо (аштат Боливар) иҟазаауеит.

5.Аилахәырақәа "Петролеос де Венесуэла", "Корпорация Венесолана де Гайяна" азин роуеит PDVSA Эссекибо, CVG Эссекибо рыҟәшақәа раԥҵара.

Ахада Николас Мадуро иара убасгьы анапынҵа ҟаиҵеит анефҭи, агази рыҵхразы алицензиақәа рыҭаразы.

6.Венесуела ахсаала ҿыц, Гаиана Ессекибо аҵакыра аҵакны икьыԥхьтәуп, иагьаларҵәатәуп.

7.Гаиана Ессекибо ауааԥсыра асоциалтә зхьаԥшра рыҭатәуп, рхаҭара шьақәзыргыло ашәҟәқәа рызшатәуп. Арахь иаҵанакуеит Тумеремо иҟоу аҳәаанырцәуаа рмиграциазы Административтә маҵзура аофис (Saime) аԥҵарагьы.

8.Аделимитациа иаҵанакуа аӡқәа рыҭҵаара мҩаԥызго аилахәырақәа рылаӡара алызмыршо азакәан ҷыда аус адулатәуп.

Мадуро адҵа ҟаиҵеит арҭ аилахәырақәа хымз рыҩныҵҟа араион аанрыжьырц.

9. Гаиана Ессекибо аҵакыра иҟоу амилаҭтә паркқәеи аԥсабареи рыхьчаразы азонақәа аԥҵазарц азакәан ҷыда рыдыркылар ауп.

Ауснагӡатә иалахәын атәыла аиҳабыра рнапхгара, аминистрцәа, агубернаторцәа, Венесуела аккредитациа змоу адипломатиатә миссиақәа рнапхгаҩцәа

.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: