Заур Ӷәаџьаа Палестина ахьыԥшымра рылаҳәара 35 шықәса ахыҵра ацеремониа далахәын

Заур Ӷәаџьаа Палестина ахьыԥшымра рылаҳәара 35 шықәса ахыҵра ацеремониа далахәын
16 November 2023 230

Абҵара 15 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Палестина ацҳаражәҳәаҩ Фади Альзабен инаԥхьарала Палестина ахьыԥшымра рылаҳәара 35 шықәса ахыҵра аныҳәаәт церемониа амҩаԥгара далахәын.

Ацеремониа мҩаԥыргон Венесуела аомбудсмен Альфредо Руис Ангуло, Палестина ацҳаражәҳәаҩ Фади Альзабен, Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра Азиеи, Мрагылара ааигәеи, Аокианиеи русқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Татиана Пиу Морено.

Заур Ӷәаџьаа Палестина ацҳаражәҳәаҩ Фади Альзабен ҭабуп ҳәа иаҳәо иазгәеиҭеит палестинатәи ажәлар адгылара шриҭо.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: