Заур Ӷәаџьаа иҽалаирхәит «Африка амшныҳәа» амҩаԥгара

Заур Ӷәаџьаа иҽалаирхәит «Африка амшныҳәа» амҩаԥгара
10 September 2023 231

Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнаӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Ареспублика Барбадос Ахаҭарнакра ааԥхьарала иҽалаирхәит «Африка амшныҳәа» амҩаԥгара.

Аныҳәатә церемониа мҩаԥган Каракас, Амилаҭтә пантеон аҿы.

«Африка-Карикома Амш» азгәарҭоит цәыббра 7 азы.

Ацеремониа напхгара арҭон:

Карибтәи абассеин аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ – Рауль ЛиКаузи;

Африка аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ – Иури Пиментел;

Ареспублика Гаити ацҳаражәҳәаҩ– Лесли Дэивид;

Афедеративтә Республикаи Нигериа ацҳаражәҳәаҩ – Филлип Олорундаре.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: