Ажәабжь ҿыцқәа

Мшаԥымза 4-5, 2024 шықәса рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 60-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәеи ЕАР, ЕЕАЕ, ЕЕ рҟынтәи ацхантәаҩцәеи. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба напхгара зиҭоз аделегациа аилазаараҿы иҟан АдәАР Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡба, Мрагылара ааигәеи Африкеи рдепартамент аиҳабы Артур Гагулиа, адепутат Баҭал Џьопуа.
4 April 2024 39
Хәажәкыра 3 рзы, Сҭампыл, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Консулраҿы имҩаԥысит Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡбеи Сҭампыл иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә консул Андреи Буравови реиԥылара.
29 March 2024 79
2024 шықәса хәажәкыра 28 рзы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара мҩаԥысит.
24 шықәса хәажәкыра 27 рзы Шьамтәыла аҳҭнықалақь агубернатор Мухаммад Тарек Кришати Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мохаммад Алии еиԥылеит.
2024 шықәса хәажәкыра 27 рзы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Моххаммад Алии Шьамтәыла Абанк хада аиҳабы Мохаммад Ессам Хазмехи реиԥылараан абанктә усхки ахәаахәҭра-економикатә еимдара аусхки рҟны аинырра иалацәажәеит.
26 March 2024 48 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Олег Боциев 70-шықәса ихыҵра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изынеишьҭит.
21 March 2024 56 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров имшира идиныҳәалеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Тоиво Клаари, Џьихан Султаноглуи, Зигфрид Вебери дырԥылеит 2024 шықәса хәажәкыра 13 рзы.
Хәажәкыра 13 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидикылеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов.
2024 шықәса хәажәкыра 12 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтә республикаАолимпиатә еилакы ахада, атәыла аспорттә Федерациа ахада Фирас Муалл диԥылеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: