Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиԥылеит

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиԥылеит
16 November 2021 599

Абҵара 16 азы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 55-тәи рраунд аламҭалаз Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Тоиво Клаар, Џьихан Султаноглу, Анника Сиодер Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиԥылеит.

Аиԥылара аазыртыз аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба аиԥылара алахәылацәа аԥсшәа раҳәо иҳәеит араунд амшхәаԥштә азҵаара алацәажәара дшазыхиоу.

Шәара ибзианы ижәдыруеит ҳара ҳзы аԥыжәаратә ҟазшьа шамоу амч ахамырхәаразы жәларбжьаратәи ахәдықәҵара ҟазҵо адокумент анапаҵаҩра. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иумбар залшом ари аҵак ду змоу азҵаара шгәыгәҭажьу. Ҳара иаҳҭахуп абри ахырхарҭала аусура ырцыхцыхзар, ҳәа иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар иҳәеит дшақәгәыӷуа изаамҭанытәиу араунд алҵшәақәа аиуп ҳәа.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы аԥснытәи аделегациа еснагь ажәалагалақәа ҟарҵоит иҟоу аҭагылазаашьа аиӷьтәразы, аха ақырҭуа ган акомпромисстә ӡбарақәа ирзыхиам, аԥсуа ган агәҭынчымра аанарԥшуеит Қырҭтәыла арратә мчрақәа ахьеизнарҳауа азы, НАТО анапхгарала уа аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥысуазы, ҳара иазԥхьагәаҳҭоит акрызҵазкуа азҵаарақәа рылацәажәара – арахь иаҵанакуеит аҭынчра жәларбжьаратә хәдықәҵара аиура, амч ахамырхәара ҳәа иҳәеит Иракли Ҭыжәба.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы ОБСЕ ахаҭарнак ҷыда Анника Седе иҭабуп ҳәа ахылҳәааит аиԥылара ахьеиҿкаахаз.
Агәахәара снаҭоит ара ҳахьыҟоу, ари адиалог ҳара ҳзы акраҵанакуеит. Иара инаҵшьны иазгәанаҭоит ҳара абри аус аҿы ҳроль. Аиҿцәажәара алахәылацәа зегьы активла рхы аадырԥшуеит ҳәа ҳазыԥшуп", - ҳәа лҳәеит лара.

2021 шықәса ԥхынҷкәын 7-8 рзы иазгәаҭоуп Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 55-тәи рраунд.

Женеватәи Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса раахыс. Иахьазы ароуп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла рхаҭарнакцәа еидтәаланы реицәажәара ахьалшо. Бжьаҟазацәаны иалахәуп Урыстәыла, ЕАА рхаҭарнакцәа, ацхантәаҩцәа –ООН, ЕС, ОБСЕ.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: