Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40-тәи рраунд

Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40-тәи рраунд
23 June 2017 1161
Рашәарамза 20-21 2017 шықәса рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40 рраунд.

Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

40-тәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд аҟны традициала иҷыдоу азхьаԥшра аҭан амч ахамырхәаразы аҳәамҭа аицыҟаҵара азҵаара. Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирхықәкы хаданы иҟоу абри аҩыза аҳәамҭа шьаҿа бзианы иҟалон Аԥсни Қырҭтәылеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраз.

Аиҿцәажәарақәа раан ирылацәажәан еиуеиԥшымыз, Аԥсны Аҳәынҭқарраз аҵакы зманы иҟаз азҵаарақәа, ирыхцәажәан Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу аҭагылазаашьа еицакны, Қырҭтәыла ишагәаԥхо еиԥш адунеи ирылазырҵәо Еврохеилак, НАТО Апарламенттә Ассамблеиа уҳәа реиԥш иҟоу жәларбжьаратәи аструктурақәа,

Иара убасгьы аиҿцәажәарақәа раан Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылатәи Афедерациеи иазгәарҭеит Қырҭтәылеи НАТОи реизааигәахара агәҭынчымра шырнаҭо.

Ҷыдала азхьаԥшра аҭан ООН Ассамблеиа хада аилатәараҟны рашәарамза 1 азы ирыдыркылаз ахҵәацәа рзы арезолиуциа апроект аполитикатә ҟазшьа ахьаҭаз. Иагьазгәаҭан ари азҵаара қырҭтәылатәи аган Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи злахәым егьырҭ жәларбжьаратәи аиҿцәажәаратә ҭыԥқәа рҟны иахьцәырнаго иашам ҳәа.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылаҩцәа актәи аусутә гәыԥ аҟны еицҿакрыла ирыдыркылахьаз амч ахамырхәаразы апроект иалҵшәаны иеицрыдыркылараны иҟаз аҳәамҭа аҽазныкгьы еиԥҟьеит ақырҭуа ган иаанарԥшыз иконструктивым апозициазы.

Изаамҭанытәиу Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 41 рраунд амҩаԥгара азыԥхьагәаҭоуп жьҭаара 10-11 2017 шықәса рзы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: