Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 60-тәи рраунд

Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 60-тәи рраунд
5 April 2024 11

Мшаԥымза 4-5, 2024 шықәса рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 60-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәеи ЕАР, ЕЕАЕ, ЕЕ рҟынтәи ацхантәаҩцәеи. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба напхгара зиҭоз аделегациа аилазаараҿы иҟан АдәАР Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡба, Мрагылара ааигәеи Африкеи рдепартамент аиҳабы Артур Гагулиа, адепутат Баҭал Џьопуа.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа аформат аиқәырхара аинтерес шрымоу азгәарҭеит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы адиалог амҩаԥгаразы.

Аԥснытәи аган иазгәанаҭеит ихықәкы хаданы ишшьоу Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра адкылара алзыршо ашәҟәы аус адулара, иара убасгьы аԥсны-қырҭтәылатәии аахыҵуаԥстәыла-қырҭтәылатәии ҳәаақәа рҿы аделимитациа апроцесс аусура аларгара.

Ақырҭуа лахәылацәа аҽазныкгьы ирзаамырԥшит аҭынчразтәи аԥшьгамҭақәа конструктивла рызнеишьа. Ари азҵаара аартны ишыҟац иаанхеит.

Алахәылацәа ргәаанагарала аҳәаа иаԥну араионқәа рҿы, хҭысқәак азгәоумҭозар иааидкыланы иҭышәынтәалоуп. Убри аан иазгәаҭан иаарласны аусура ишаларгатәу Гал ақалақь аҿы имҩаԥысуаз аидысларақәа разыԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм аусура.

Аԥснытәи аган ажәалагала ҟанаҵеит ари амеханизм аиҭахацыркшьа аганахь ала, аха қырҭтәылатәи аган аҟынтәи адгылара амоуит.

Аҩбатәи аусутә гәыԥ аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит агуманитартә зҵаарақәа рылацәажәара. Аԥснытәи аган азхьаԥшра рнаҭеит атәыла ауааԥсыра рхы иақәиҭны рныҟәара алмыршара апроблема, Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа разхаҵара алыршара азҵаара. Араунд амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны егьырҭ азҵаарақәагьы ирылацәажәеит.

Аиҿцәажәарақәа реихшьаалала иазгәаҭоуп 2024 шықәса рашәаамза 25-26 рзы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 61-тәи арауанди уи иашьҭанеиуа егьырҭ абри аформат иаҵанакуа аиԥыларақәеи шымҩаԥгахо.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: