Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа еиԥылеит

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа еиԥылеит
31 May 2022 384

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар, ЕАР ахаҭарнак Џьихан Султаноглу, ОБСЕ ахаҭарнак Виорел Мошану дырԥылеит.

Ҭыжәба иҳәеит хәажәкырамзазы имҩаԥысраны иҟаз араунд ацхантәаҩцәа раԥшьгамҭала аамҭа иахыган, ҳақәгәыӷуеит иахьазы иҟоу азҵаарақәа зегь ҳаицрықәшаҳаҭны рашәарамзазы иазыԥхьагәаҭоу араунд амҩаԥгара алыршахап ҳәа.

Иракли Ҭыжәба иҳәеит апроцесс зегьы азеиԥш ҳара ҳзгьы ипроблеманы инханы иҟоуп арегион, ҳреспублика иахьрыҵаркуа ашәарҭадара аиҿкаара азҵаара. Ҳара уи амч ахамырхәаразы Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иадаҳҳәалоит, аха иҳәатәуп ақырҭуа делегациа ҳажәадгалақәа рылацәажәара мап шырцәыркуа абри азҵаара аганахь ала ҳәа.

Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар иҳәеит адунеи аҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩу, Евроеидгыла шақәгәыӷуа уи ауадаҩра женеватәи аиҿцәажәарақәа анырра арҭарым ҳәа.

"Ҳара ҳәарада женеватәи аиҿцәажәарақәа рҵакы бзианы иаадыруеит, иаадыруеит иҟалар зылшо ауадаҩрақәа араунд еиҭахыгахар. Асеиԥш аҭагылазаашьақәа аимак иахҟьаны ааха зауыз ауаа аемоциатә нырра рырҭоит. Ахҟьаԥҟьақәагьы ахылҿиаар алшоит", – иҳәеит иара.

Ацхантәаҩцәа ирҳәеит аиҿцәажәарақәа рфон аҽаԥсахит аха ари аформат хымԥада аиқәырхара аҭахуп, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рформат арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи иацхраауеит ҳәа.

Иара убасгьы ирылацәажәан Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа рымшхәаԥштә азҵаарақәа.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа 56-тәи рраунд арыцхә макьаназ ишаарту инханы иҟоуп.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: