Иракли Ҭыжәбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи еиԥылеит

Иракли Ҭыжәбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи еиԥылеит
29 June 2023 277

2023 шықәса рашәара 28 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа.

– ЕЕ ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар, ЕАР ахаҭарнак ҷыда Џьихан Султаноглу, ОБСЕ ахаҭарнак ҷыда Виорело Мошан дырԥылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Аԥснытәи аган ахь ала аиԥылара иалахәын: Аԥсны АШәМ ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Заал Хәарцкьиа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа, Аԥсны ААР ахаҭарнакцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа.

Аганқәа алацәажәеит иҟалараны иҟоу аиҿцәажәарақәа 58-тәи рраунд. Аиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп 2023 шықәса ԥхынгәы 11-12.

Аиԥылараан Ҭыжәба аҽазныкгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аҵакы аманы дшахәаԥшуа, арегион аҿы аҭагылазаашьа шҭышәынтәалогьы.

"Аҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рҿы узыцәшәаша хҭыс аҭыԥ амамызт, аха иара убри аан НАТО Қырҭтәыла аҵакыраҿы активла ахы шымҩаԥнаго аабоит, уи агәҭынчымра ҳазцәырнагоит» ҳәа иҳәеит Ҭыжәба.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иара убасгьы иҳәеит украинаа Урыстәылеи Аԥсни рганахь ала аҩбатәи афронт аартызарц иҟарҵо ааԥхьарақәагьы ашәарақәа шшьаҭадыркуа.

«Аԥсны асеиԥш иҟоу ацәажәарақәеи ааԥхьарақәеи рлымҳа кыдҵаны иазыӡырыҩуеит» иҳәеит Ҭыжәба.

Аиԥылараҿы иара убасгьы ирылацәажәан Гал ақалақь аҿы аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи хырыҩ рыҭареи рзы Амеханизм аусура ахацыркра, агуманитартә зҵаарақәа, аиҳаракгьы ԥкырада аныҟәарақәа ирыдҳәало.

Аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа ракәзар иазгәарҭеит арегион аҿы ашәарҭадара аԥҵаразы аусурақәа ишрыцҵалатәу.

Изаамҭанытәиу аиҿцәажәарақәа 58-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп 2023 шықәса ԥхынгәы 11-12 азы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: