Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцҵара иалацәажәеит Аԥсны ААР аминистр ихаҭыԥуаҩи ЕАР ахаҭарнаки

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцҵара иалацәажәеит Аԥсны ААР аминистр ихаҭыԥуаҩи ЕАР ахаҭарнаки
24 February 2023 976

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцҵара, урҭ ԥхьаҟатәи рԥеиԥш иалацәажәеит Аԥсны ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи ЕАР ахаҭарнак, аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩ Џьихан Султаноглуи ҭелла реицәажәараан.

Ҭыжәба иҳәеит араундқәа рыҿҳәара ахыгара ма раԥыхра апрактика ари акрызҵазкуа жәларбжьаратәи амеханизм аԥырхага ду шанаҭо.

Аԥснытәи аган азыхиоуп иҟоу аформат аҳәаақәа ирҭагӡаны аусура ацҵара.

Султаноглу илҳәеит ацхантәаҩцәа ирылшо зегь шыҟарҵо аиҿцәажәарақәа мҩаԥысларц азы.

Араунд ҿыц амҩаԥысра арыцхә аилацәажәарақәа рлахәылаҩцәа зегьы риеқәшаҳаҭрала ишаьқәыргылахоит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: