Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ашьаҭаркразы Аусԥҟа анапаҵаҩра 15 шықәса ахыҵит

Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ашьаҭаркразы Аусԥҟа анапаҵаҩра 15 шықәса ахыҵит
13 November 2023 231

Абҵара 13 азы Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ашьаҭаркразы Аусԥҟа анапаҵаҩра 15 шықәса ахыҵит.

Адокумент инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада С.В. Багаԥшь.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы ари шьаҿа дуун.

Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҭбаара арӷәӷәара аус аҿы аҵакы змоу дипломатиатә миссиоуп.

Агәрагара ҳамоуп Ацҳаражәҳәарҭа аколлектив аусура ганрацәала ҳтәылақәа русеицура ишацхраауа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: