Инал Арӡынба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит

Инал Арӡынба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит
10 February 2024 71

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит.

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иаҳәоит:

«Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи хаҭала сареи ҳахьӡала ишәзынасышьҭуеит гәык-ԥсык алатәи адныҳәаларақәа.

Урыстәылатәи адипломатиа ароль аҵак ду аманы иҟоуп жәларбжьаратәи аиԥш арегионалтә шәарҭадара аусқәа рҿгьы амшхәаԥшатә аглобалтә зҵаарақәа рыӡбараҟны.

Урыстәылеи Аԥсни рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыбжьара ишьақәгыланы иҟоуп агәреибагара шьаҭаны измоу адиалог. Агәра згоит ԥхьаҟагьы аԥсны-урыстәылатә ҳәынҭқаррабжьаратә усеицура шымҩаԥысло аиҩызаратәиии астратегиатәии партниорра аҟазшьақәа аманы.

Ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-иԥа, абри аныҳәатә мшы азы хаҭала шәареи урыстәылатәи адипломатцәеи ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиара бзиақәа, аманшәаларақәа».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: