Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзура Ахантәаҩы Ҭемур Ахьиба Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа русзуҩцәа Рымш идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзура Ахантәаҩы Ҭемур Ахьиба Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа русзуҩцәа Рымш идиныҳәалеит
20 December 2023 200

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзура Ахантәаҩы Ҭемур Ахьиба Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа русзуҩцәа Рымш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу ашәарҭадара аусбарҭа аусзуҩцәеи аветеранцәеи!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Анапхгареи аколлективи ҳахьӡ ала ишәыдысныҳәалоит шәыпрофессионалтә ныҳәа – Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа русзуҩцәа Рымш! 

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа ианаԥҵаз раԥхьатәи амшқәа инадыркны ҳҳәынҭқарра азеиԥшмилаҭтәи аҳәынҭқарратәи интересқәа рыхьчоит, ҳаԥсадгьыл иқәынхо ажәлар рыхьчара иадгылоуп рыжәҩа еибыҭа. Арҭ зҭакԥхықәра ҳараку ауалԥшьақәа рынагӡаразы иаҭахуп апатриотизм, агәымшәара, апрофессионалра, афырхаҵара, агәымшәара, иара убас Аҧсадгьыл ахь иҿымцәаауа абзиабара.

1992-1993 шш. рзы иҟаз аԥсуа-ақырҭуатә еибашьраан, ҳаԥсуа жәлар рфырхаҵара анаҭахха, ганха иавамхеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа русзуҩцәа, аӡәыкны еивагылеит, иаадырԥшит афырхаҵара, ианаҭаххагьы – ахамеигӡара.

Хаҭала сареи ҳусзуҩцәа зегьы ҳҟынтәи еихашәҳауа шәуалԥшьаҿы аҭынч бзазара шәалагәырӷьауа, ақәҿиарақәеи аҭынч ԥсҭазаареи шәзеиӷьаҳшьоит!»

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: