Даур Ақаҩба Сергеи Лавров адашшыларатә шәҟәы изишьҭит

Даур Ақаҩба Сергеи Лавров адашшыларатә шәҟәы изишьҭит
20 February 2017 824
Даур Ақаҩба, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр адашшыларатә шәҟәы изишьҭит Урыстәыла Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, иааиԥмырҟьаӡакәа Урыстәыла Афедерациа Ахаҭарнакс ООН иҟаз Витали Чуркин иԥсҭазаара иалҵра инамаданы.

Ашәҟәы аҟны иаҳәоит:

«Гәалсра дула исыдыскылеит урыстәылатәи адипломат ду Витали Чуркин иԥсҭазаара иалҵра. Витали Иван-иԥа иналукааша дипломатын, Урыстәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчара дазыхиан. Аԥсны ахааназгьы ирхашҭраны иҟам Витали Иван-иԥа иқәгыларақәа, дымшәакәа иаартны аиаша иадгылара. Чуркин Урыстәыла адипломатиа аҭоурых дазаанхоит реиҳа узҿыԥшыша дипломатк иакәны.

Аҳәара ҟасҵоит Витали Иван-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи сыхьӡала шәрыдашшыларц».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: