Даур Ақаҩба Гарри Кәыпалба дидныҳәалеит

Даур Ақаҩба Гарри Кәыпалба дидныҳәалеит
18 January 2021 397

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны иҟоу Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалба идиныҳәалеит Аԥсны иҟоу Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Ахаҭарнакра шьаҭаркуижьҭеи 14-шықәса аҵра.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Ахаҭарнакра ҿыц аартра иҿыцу етапны иазыҟалеит ареспубликақәа рыҩба русеицразы. Ахаҭарнакра иаҳхысыз аамҭақәа раан аусура ду мҩаԥнагеит иҟоу аиныррақәа рҿио. Ҷыдала иазгәасҭар сҭахуп шәара, Гарри Сергеи-иԥа шәлагала ду ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи реинырраҿы.

Агәра згоит Аԥсны иҟоу Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Ахаҭарнакра ԥхьаҟагьы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспубликеи реизыҟазаашьа арҿиараҿы алшамҭа дуқәа шаланагало».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: