Даур Ақаҩба Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.

Даур Ақаҩба Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
13 June 2018 715
Рашәарамза 12 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп:

«Иуҳәар ҟалоит абри амш инаркны ихацыркхеит ҳәа имариамыз, хьӡи-ҧшеи зцыз ашьақәгылареи аҿиареи рымҩа ианысыз урыстәылатәи аҳәынҭқарра аҭоурых ҿыц. Урыстәыла ажәлар рыҧсадгьыл иазгәдууп, уаҵәтәи рҧеиҧшгьы агәра ргартә иҟоуп иахьа.

Ари аныҳәа – Урыстәыла знысыз афырхаҵаратә мҩа гәадурала издызкыло, иара убри аамҭазы ҧхьаҟатәи аҧеиҧш лаша ачаҧара ҭакҧхықәрала иазнеиуа зегьы еиднакылоит. Агәра ганы сыҟоуп, Урыстәыла аҭоурых, уи атәылауаа реизҳазыҕьареи, хара злоу аекономикатә ҿиареи ишрыдхәалазаауа.

Гәахәарыла иазгәасҭарц сҭахуп, аиҩызара шьаҭас измоу ҳажәларқәа реизыҟазаашьақәа. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит аҧхьаҟагьы ҳтәылауаа реизҳазыҕьара хықәкыс измоу ҳҳәынҭқаррақәа ганрацәала русеицура арҕәҕәаразы.

Акрызҵазкуа абри амш аҽны, ишәзеиҕьасшьарц сҭахуп агәабзиара, агәамч, аҭакҧхықәра зцу аҳәынҭқарратә усураҿы аринахысгьы аихьӡарақәа, Урыстәыла ажәларқәа – аҭынчра, аизҳазыҕьара".

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: