Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаю Григори Карасин имшира идиныҳәалеит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаю Григори Карасин имшира идиныҳәалеит
23 August 2017 916
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаю Григори Карасин имшира идиныҳәалеит

Адныҳәараҟны иаҳәоит:

«Шәара политикк иҳасаб ала иналукааша хаҭалатәи шәҟазшьақәеи шәыхьӡ-шәыԥшеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟаполитикатә курс анагӡара иацхраауеит. Аҵак ду аманы иҟоуп ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгылоу аиҩызаратә еизыҟазаашьа хаҭала шәара шәлагала дуны иахьалоу. Ааԥсарада имҩаԥыжәго шәусура иарҭбаауеит ҳтәылақәа рыбжьара астратегиатә усеицураз аинырра.

Агәра згоит шәпрофессионализм ҳараки шәԥышәа дуи шәҳәынҭқарра аинтересқәа рыҵагылара ишазыхиоу, имҩаԥыжәго аусура хра аманы ишыҟарҵо. Аԥхарра ду аҵаны исгәаласыршәоит уаанӡатәи ҳаиԥыларақәа, ҳаицәажәарақәа, сагьазыԥшуп урҭ ԥхьаҟагьы аҭыԥ роуны иҟалап ҳәа.

Абри амшныҳәа аҽны гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит ҳаҭыр зқәу Григори Борис-иԥа, агәабзиара зҩыда, ақәҿиарақәа, аманшәаларақәа аҭакзыԥхықәра ду зду шәусураҟны».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: