Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Игор Ахба имшира идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Игор Ахба имшира идиныҳәалеит
6 February 2018 1140
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчра нагӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

Ҳаҭыр зқәу Игор Мураҭ-иԥа!
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аилазаареи, хаҭала сареи гәык-ԥсык ала шәымшира шәыдаҳныҳәалоит. Шәара ааԥсарада имҩаԥыжәго аусура акыр  иалҵшәоуп иахьа Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи  реизыҟазаашьақәа, шәлагала дууп Аԥсны ашәарҭадареи асуверинитети рырӷәӷәараҿы.

Шәыԥсадгьыл аҿи анҭыҵи  шәара шәеицырдыруеит  апрофессионалтә ҩаӡара ду змоу дипломатк, политикк  иаҳасаб ала. Шәара иналукааша шәҟазшьақәа аҵак ду рымоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра аинтересқәа адунеижәларбжьаратә аренаҟны рцәыргараҿгьы. Шәуаҩытәыҩсатә ҟазшьа ҷыдақәа ракәзар, иаашәыкәыршаны иҟоу ауаа рганахь ала аҳаҭырқәҵара ду цәырыргоит.

Агәра згоит шәҟазара ҳараки ишәывагылоу рахь ишәымоу аҳаҭырқәҵареи ԥхьаҟагьы шәусқәа шеихарҳауа, Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа хра аманы аусура ишацхраауа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: