Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Игор Ахба дидныҳәалеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Игор Ахба дидныҳәалеит
13 November 2019 571

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изынеишьҭит Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ашьаҭаркраз Аусԥҟа анапы аҵаҩуижьҭеи 11 шықәса аҵра инадҳәаланы.


Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иаҳәоит:


«Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара ганрацәалатәи аусеицура хра аманы амҩаԥысразы ирацәоуп шәара шәылшамҭақәа.


Астратегиатә ҟазшьа змоу Урыстәылеи Аԥсни реинырра аҭыԥ ҷыда ннакылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқаррабжьаратә системаҿы. Ацҳаражәҳәарҭа анапы иану аусқәа еснагь ҭакԥхықәрала иазнеиуеит.
Ахәшьара уадаҩуп хаҭалатәи шәара шәылшамҭақәа аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьаҿы» ҳәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: