Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Хорхе Альберто Арреаса Монсеррат имшира идныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иаҳәоит:
«Шәара Венесуела адәныҟаполитикатә позициа арӷәӷәареи жәларбжьаратәи аренаҟны иара аинтересқәа рыхьчареи алагала ду иашәҭо ахә ҳаракны ишьоуп.
Аԥсны ажәлар Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрк иҳасаб ала ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы шәлагала ахә ҳаракны иршьоит.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҭынчреи, ахьыԥшымреи, ажәлар рхалахатәҳәаақәҵареи ирзырханы имҩаԥнаго ақәԥара иаша иадгылоит. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳажәларқәа рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аиҩызара. Ҳгәыӷуеит ԥхьаҟагьы ҳтәылақәа рԥеиԥш лашазы ҳусеицура иацаҳҵап ҳәа».