Игор Ахба «Аиҩызараз аорден» ианашьоуп

Игор Ахба  «Аиҩызараз аорден» ианашьоуп
7 March 2019 987
Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмчра нагӡа змоуи Ацҳаражәәҳаҩ Игор Ахба  Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иусԥҟала  иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Аиҩызараз аорден» ианашьоуп.
Аусԥҟаԥҟны иарбоуп  Игор Ахба аҳамҭа ианашьоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рҳәынҭқаррабжьаратә еимадараҿ илагалақәеи ииубилеи инарыдҳәаланы ҳәа.
Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  Дмитри Медоев Игор Ахба изынеишьҭыз адныҳәалараҿы иазгәеиҭеит «Аԥсуа жәлар ринтересқәа  хадара рыҭареи шәыхьӡ-шәыԥша аҳаракыреи ҵаҵӷәны ирзыҟоуп Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмчра нагӡа змоуи Ацҳаражәәҳаҩ иҳасаб ала шәусура» ҳәа.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: