Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ ииубилеи идиныҳәалеит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ ииубилеи идиныҳәалеит
26 March 2024 48

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Олег Боциев 70-шықәса ихыҵра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изынеишьҭит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Олег Илиа-иԥа!

70-шықәса шәхыҵра инамаданы ишәыдышәкыл гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара. Шәара шәзанааҭдырра иҳараку аҩаӡареи адипломатиатә усураҿы ишәымоу аԥышәа дууи ирыбзоураны, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы еиԥш уи анҭыҵгьы аҳаҭыр ду шәҽаԥсашәтәит.

Аԥсны аԥсуа-аахыҵуаԥстәылатәи аизыҟазаашьақәеи аҩганктәи аусеицуреи рыҿиараҿы шәлагала ахә ҳаракны иршьоит.

Шәира амш аҽны, ҳаҭыр зқәу Олег Илиа-иԥа, гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, шәнапы злаку аҭакзыԥхықә усура аҿы ақәҿиарақәа».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: