Инал Арӡынба Сергеи Лавров имшира идиныҳәалеит

Инал Арӡынба Сергеи Лавров имшира идиныҳәалеит
21 March 2024 161

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы шәылшамҭақәа рыхә ашьара уадаҩуп.

Ииасыз ашықәс азы анапы аҵаҩын 2024-2025 шықәсқәа рзтәи Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыбжьара аконсультациақәа Рыплан. Агәрагара сымоуп Аплан ҳҳәынҭқаррақәа рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыбжьара адиалог азы ишыцхыраагӡахо».

Инал Арӡынба Сергеи Лавров изеиӷьеишьеит ақәҿиара дуқәа инапы злаку аус аҿы.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: