Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшылара ҟанаҵеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшылара ҟанаҵеит
25 December 2023 265

70-ҩык зҭаз апассаџьыртә автобус ааҳәит Никарагуа, адепартамент Матагальпа амуниципалитет Мансера аҟны.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшылара нанашьҭит Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь.

Адашшылараҟны иаҳәоит:

«Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсрыла адашшылара анаҭоит Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, адепартамент Матагальпа аҿы иҟалаз аԥсыҭбарақәа зцыз амҩатә машәыр инадҳәаланы. 

Иҭахаз рҭаацәа, ргәакьацәа шәҳазрыдашшыл, еиқәхаз ҳахьӡала иаарласны агәабзиара ҳзырзеиӷьашәшьа».

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: