Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақалақь Бендера аҿтәи атрагедиа 28 шықәса ахыҵра инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақалақь  Бендера аҿтәи атрагедиа 28 шықәса ахыҵра инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.
19 June 2020 562

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь Бендера аҿтәи атрагедиа 28 шықәса ахыҵра инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.


Адышшылараҿы иаҳәоит:

«Ари игәымбылџьбарадоу ацәгьоура иагьа шықәса ҵыргьы ҳагәқәа рҟны ишыҟац иаанхоит.


Иахьа Аԥсны ажәлар Приднестровие иқәынхо ирыцџьабоит. Ҳара ибзианы иаадыруеит Аԥсадгьыл ахьчара аҵакы, зхатә хықәкқәа рзы акы иацәхьамҵуа агрессор ихымҩаԥгашьа.


Ус шакәугьы ҳажәларқәа рдоуҳамч аӡәгьы изхымҽӡац.


Приднестровие афырхаҵажәлар агәаҟра дуқәа рыхганы аизҳазыӷьаразы ирылшо зегь ҟарҵоит».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: