Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшылара ҟанаҵеит

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшылара ҟанаҵеит
19 June 2023 143

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь Бендера аҿтәи атрагедиа 31 шықәса ахыҵра инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.

Адышшылараҿы иаҳәоит:

«Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адашшылара нанашьҭуеит 1992 шықәса рашәара 19 аҽны Бендера ақалақь аҿы иҭахаз Ргәалашәара амш иазкны.

1992 шықәсазы Бенедертәи ашьаарҵәыратә еидыслараан приднестровиаа гәымшәарыла рыдгьыл гәакьа рыхьчеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар шәгәырҩа шәыцеиҩыршоит.

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазгәанаҭоит Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь аҳаҭырқәҵара ду шамоу».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: