Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика ахьчараҿ иҭахаз ргәалашәара Амш иазкны.
Ашәҟәаҿы иаҳәоит:
«1992 шықәсазтәи ахҭысқәа агәрагара урҭоит приднестровиатәи ажәлар абџьар иацәшәаны рхы шыладмырҟәуазы. Ахааназгьы хашҭра рықәлом зыԥсадгьыл зыхьчоз, уи зхы ақәызҵаз рыхьӡқәа.
Приднестровиатәи ажәлар ишәыцеиҩаҳшоит хашҭра зқәым шәгәырҩа».