Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы ашьҭит Ермантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы ашьҭит Ермантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь
7 December 2017 824
1988 шықәса ԥхынҷкәын 7 рзы иҟалаз, ауааԥсыра рацәа рыԥсҭазаарақәа ҿахызҵәаз адгьылҵысра алахьеиқәратә мшы инадҳәаланы Ермантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь инашьҭу адашшыларатә шәҟәы аҟны иаҳәоит:

«1988 шықәса ԥхынҷкәын 7 рзы адунеи ауаажәларра зегьы ираҳаит агәалсратә жәабыжь. Адгьылҵысра иахҟьаны иҭахеит зықьҩыла ауаа. Ари арыцҳара Асовет Еидгыла ажәларқәа зегьы еицырзеиԥшыз гәаҟрахеит.

Атәыла ду ахы-аҵыхәаҟынтә, Аԥснгьы налаҵаны, уахь инеиит ацхырааразы шәҩыла, зықьҩыла ауаа. Аԥсны аешьаратә жәлар ирыцеиҩнашон ргәаҟра, рхьаа. Иахьагьы урҭ лахьеиқәҵарыла иаҳгәалаҳаршәоит.

Аерман жәлар рлахьынҵа имаҷымкәа атрагедиатә хҭысқәа ирыннариеит. Адгьылҵысра ашьаҭхь 33 шықәса шыҵуагьы абри амш адунеи ахы-аҵыхәа иқәынхо аерман жәлар рзы иалкаау, илахьеиқәҵагоу мшны ишыҟаз иаанхеит. Алахьеиқәреи агәалашәареи ирымшуп. Ҳхы лаҳарҟәуеит аԥсабаратә рыцҳара аҿԥхьа имчыдахаз ауаатәыҩса ргәалашәара аҿаԥхьа» ҳәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: