Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшылара ҟанаҵеит Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуааи рзы аминистррахь Шьамтәыла аҩадатәи апровинциақәа рҟны аԥсыҭбарақәа зцыз адгьылҵысра инадҳәаланы.
Адышшыларатә шәҟәаҿы иҳәоуп:
«Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҭахаз рҭаацәарақәа ргәырҩа рыцеиҩыршоит, ирыдышшылоит аиашьаратә шьамтәылатә жәлар. Ахәра змоу ирзеиӷьаршьоит иаарласны ргәабзиара шьақәгыларц, арегион ари арыцҳара ду иалҵны аҭынч ԥсҭазаара иазыхынҳәырц.»
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшылара ҟанаҵеит

6 February 2023 29