Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы азынанашьҭит аштат Арагуа аҭыԥ змаз аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны хыԥхьаӡара рацәала аԥсыҭбарақәа рыҟалара инадҳәаланы.
Ашәҟәаҿы иазгәаҭоуп:
«Иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи ҳрыдышшылоит, ааха зауз ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҽазныкгьы ҳаҭыр ду шақәнаҵо азы агәрагара аанарԥшуеит».