Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит
8 August 2023 212

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит ареспублика аганахь ала Қырҭтәыла агрессиа амҩаԥгара 15 шықәса ахыҵра амш аҽны.

Ашәҟәаҿы ҷыдала иазгәаҭоуп:

«Қырҭтәыла ар нанҳәа 8, 2008 шықәса рзы Аахыҵ Уаԥстәыла ражәлара ала иаадырԥшит ақырҭуа фашизм, Михаил Саакашьвили ирежим ахаҿыҵәҟьа.

Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика ажәлар аӡәк иеиԥш еидгыланы, гәымшәарада Аԥсадгьыл ахьчаразы игылт. Иреиӷьыз ауаԥсаа рԥацәеи рыԥҳацәеи рыԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны аӷа дхьарцеит.

Арҭ амшқәа ахааназ хашҭра рықәымкәа аҳәынҭқарра аҭоурых адаҟьақәа рҟны иаанхоит.

Ианаамҭаз аиҩызаратә напы ҳадызгалаз Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраарала Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҭынчмҩала рҳәынҭқаррақәа рырҿиара амҩа иқәуп.

Иахьа, аибашьра иацу арыцҳарақәа зегь бзианы еилызкаауа, изхызгахьа аԥсуа жәлар шәыцџьабоит, шәгәырҩа шәыцеиҩыршоит, иргәаладыршәоит зыԥсҭазаарақәа Аахыҵ Уаԥстәыла адгьыл аҿы аҭынч ԥсҭазаара ахҭнызҵаз».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: