Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит ахьыԥшымра Амш инадҳәаланы.
Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны иҳәоуп:
«Ԥхынгәы 5 1811 шықәса – шәҳәынҭқарра аамҭа ҿыц иашьаҭоу ҭоурыхтә рыцхәуп. Абри амш аҽны Венесуела ажәлар акраамҭатәи ргәаҳәара – ахьыԥшымра аиура рылдыршеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ахә ҳаракны иршьоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аиҩызареи агәреибагареи. Гәахәара дула иҳадаҳкылоит ҩ-ганктәи ҳусеицуреи ҳаинырра дуи. Ԥхьаҟагьы ҳазыхиоуп наҟ-ааҟ еицаҳзыфеидо аусеицура арҿиара».
Боливариантәи ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азышьҭуп
![Боливариантәи ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азышьҭуп Боливариантәи ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азышьҭуп](/upload/files/venezuela.jpg)
5 July 2019 577