Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ашьха Ҟарабахтәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ашҟа адныҳәаларатә нота нанашьҭит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ашьха Ҟарабахтәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ашҟа адныҳәаларатә нота нанашьҭит
10 December 2017 755
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ашьха Ҟарабахтәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ашҟа адныҳәаларатә нота ашьҭит Аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы ареферендум Амши Аконституциа амши инарыдҳәаланы.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ашьха Ҟарабахтәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь инанашьҭуеит адныҳәаларатә нота Аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы ареферендум Амши Аконституциа амши инарыдҳәаланы.

Ари аныҳәамш Ашьха Ҟарабах аҭоурых азы акырӡа аҵанакуеит. Шәтәыла ашьақәгылараҿы аамҭа ҿыц иадыргоуп, Ашьха Ҟарабах ауаажәлар рхақәиҭреи ихьыԥшым аҳәынҭқарра аҿиареи ирсимволны иҟоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра, ахьыԥшымра аиураҿы аҭагәҭасрақәа иҟоу ибзианы издыруа, гәык-ԥсык ала шәмилаҭтә гәырӷьарамш шәыцеиҩыршоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар ҳаизыҟазаашьақәа хшыҩзышьҭра дула иазнеиуеит, шьаҭасгьы иамоуп агәрагареи ҩ-ганлатәи аиқәышаҳаҭреи. Агәра ганы ҳаҟоуп, анаҩстәи ҩ-ганлатәи ҳусеицура, ҳтәылақәа реимадареи ҳаилибакаареи шьаҭас ишырзыҟало».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: