Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Сандинисттәи ареволиуциаҟны аиааира 39 шықәса ахыҵра иазкны Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Сандинисттәи ареволиуциаҟны аиааира 39 шықәса ахыҵра иазкны Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит
19 July 2018 651
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Сандинисттәи ареволиуциаҟны аиааира 39 шықәса ахыҵра иазкны Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Ԥхынгәымза 19, 1979 шықәса – ари амш Ареспублика Никарагуа ажәлар зхы иақәиҭу, ихьыҧшым аҳәынҭқарра аргыларазы ргәаҳәара иасимволны наунагӡа иаанхоит.

Ахьыҧшымрахь амҩа иацу ауадаҩрақәа бзианы издыруа Аҧсны жәлар гәыкала аныҳәатә гәырӷьара шәыцеиҩыршоит.
Аминистрра ахә ҳаракны иашьоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Никарагуеи рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа. Агәрагара ҳамоуп урҭ аилибакаареи аҳаҭыреиқәҵареи шьаҭаны ишрымоу, ԥхьаҟагьы аҿиара шроуа».





Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: