Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәалара ҟанаҵеит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәалара ҟанаҵеит
12 December 2023 260

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш азгәаҭара инамаданы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит. 

Адныҳәалараҿы иаҳәоит: 

«1993 шықәса ԥхынҷкәын 12 Урыстәылатәи аҳәынҭқарра асимвол хадақәа иреиуоуп, аҵак ду амоуп. Ари аныҳәа атәылаҿ азакәан аҳреи ауаажәларра реидгылареи ирымшныҳәоуп. 

Аконституциа адкылара инаркны имҩасыз ашықәсқәа зегьы Урыстәылатәи Афедерациа аҩнуҵҟатә политикаҿы аконституциатә принципқәа ирықәныҟәо иааиуеит, жәларбжьаратәи апозициақәагьы акырӡа иарӷәӷәеит. 

Аграждантә хақәиҭрақәа, ахьыԥшымра, адемократиа гарантс ироуз Аконституциа еиднакылеит уаанӡатәи аԥышәақәа, иаанартит ԥхьаҟатәи алшарақәа аҳәынҭқарра аҿиаразы, ишьақәнарӷәӷәеит аҭоурыхтә, адоуҳатә, акультуратә беиарақәа. 

Ҳара Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ишьақәгылаз аимадареи аусеицуратә еизыҟазаашьақәеи рыхә ҳаракны иаҳшьоит, ԥхьаҟагьы еиҳа-еиҳа иҿиалап ҳәа агәра ганы ҳаҟоуп.»

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: