Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара

Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара
26 February 2024 110

Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь гәык-ԥсык ала адныҳәалара нанашьҭуеит.

Ари аныҳәамш аҽны иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсадгьыл ахьчараз агәымшәареи афырхаҵареи аазырԥшыз. Ҳрыдныҳәалоит зыдгьыл гәакьа ашәарҭадара, ахьчара зхы-зыԥсы азызкыз, урҭ рҿаԥхьа ҳхырхәоит.

Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟаҵо ҳколлегацәа ирзеиӷьаршьоит ақәҿиарақәеи аманшәаларақәеи.»


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: