Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара

 Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара
23 February 2024 67

Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь гәык-ԥсык ала адныҳәалара нанашьҭуеит.

Жәабран 23 символны ирзыҟоуп агәымшәареи афырхаҵареи, абиԥарақәеи атрадициақәеи реимадара.

Иахьа арҭ адоуҳатә беиарақәа аҽаамҭанык еиԥшымкәа хра рылоуп. Аԥсны аԥацәа хатәгәаԥхарала Арратә операциа ҷыдаҟны урыстәылатәи аибашьцәа ирывагылоуп.

Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟаҵо ҳколлегацәа ирзеиӷьаршьоит ақәҿиарақәеи аманшәаларақәеи.»


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: