Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь
4 November 2023 204

Урыстәыла Жәлар ракзаара Амш аныҳәа инадҳәаланы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Ари аныҳәа иугәаланаршәоит фырхаҵара згым Урыстәыла аҭоурыхи шәышықәсалатәи жәлар ракзаара атрадициақәеи, иаҳнарбоит атәылауаа Рыԥсадгьыл ахь ирымоу абзиабара уадаҩрақәаны иҟоу зегьы ишыриааиуа. Иахьа иуадаҩу аамҭақәа рзы Урыстәыла иалшоит милаҭ рацәала еилоу ажәлар реидкылара, иарбанызаалак ашәарҭарақәа рҿагылара.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа ирзеиӷьанашьоит аҭынчреи аизҳазыӷьареи».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: