Михаил Шургалин Инал Арӡынба ихьӡала адныҳәалара ааишьҭит

Михаил Шургалин Инал Арӡынба ихьӡала адныҳәалара ааишьҭит
29 September 2023 191

Аԥсны иҟоу Урыстәыла азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара 30-шықәса ахыҵра инамаданы.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа,

Ишәыдышәкыл гәыкалатәи адныҳәалара Аиааира Амш ахьӡала!

1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы шьҭахьҟа ахьамҵра, аиааира азықәԥара аԥсуа жәлар ахақәиҭра рзаанагеит, иалнаршеит Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарраны аҟалара.

Ииасыз аамҭақәа рыҩныҵҟа шәтәыла акыр қәҿиара риоура алнаршеит жәларбжьаратәи аренаҟны, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылараҟны.

Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа, ԥхьаҟагьы Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аҿиара шроуа агәра азхаҵо ишәзеиӷьасшьар сҭахуп шәтәыла ахьӡала аусуратә қәҿиарақәеи агәабзиара зҩыдеи».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: