Михаил Шургалин Инал Арӡынба адныҳәаларатә шәҟәы изааиҭиит

Михаил Шургалин Инал Арӡынба адныҳәаларатә шәҟәы изааиҭиит
26 July 2023 139

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа!

Ишәыдышәкыл гәык-ԥсык алатәи адныҳәаларақәа шәира Амш аҽны!

Мраҭашәаратәи атәылақәа зеиԥш ҟамлац Урыстәылеи Аԥсни ирзыҟарҵо ақәыӷәӷәара аамҭаан ҳтәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа еиҳа-еиҳа иҿиоит астратегиатә партниорра аҟазшьа рыманы.

Ҳара ҳҽазаҳшәоит ииашоу ахырхарҭарацәатә дунеи аԥҵара, дарбанызаалак ибжьы уаҳартә иҟаны.

Шәара шәнапхгарала Аԥсны ААР активла аусура мҩаԥнагоит ареспублика жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәаразы.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара зҩыда, ақәҿиара дуқәа ԥхьаҟатәи шәусураҿы!»

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: