Инал Арӡынба Денис Гончар дидныҳәалеит

Инал Арӡынба Денис Гончар дидныҳәалеит
9 November 2023 163

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ИАР атәылақәа аԥшьбатәи рдепартамент адиректор Денис Гончар адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Денис Владимир-иԥа! Гәыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Шәара шәусура шьаҭаны иазыҟоуп аԥышәа, адырра ҵаула, аҟәыӷара.

Агәра згоит дипломатк иҳасаб ала аҩаӡара ҳаракқәа шәышрызнеиуа.

Гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, адипломатиатә маҵзураҿы ақәҿиара дуқәа».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: