Семион Григориев адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит

Семион Григориев адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит
19 May 2023 151

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы раԥхьатәи Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ, иахьазы Таџьикистан Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс иҟоу Семион Григориев Инал Арӡынба идиныҳәалеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30-шықәса ахыҵра аныҳәамш.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аилашымҭаз иаԥҵаз аминистрра имариамыз амҩа ианысны, иахьа зыҩаӡара ҳараку, ҳаамҭа иақәшәо усбарҭаны иҟоуп. Аминистрра иаҷыдаҟазшьоуп азанааҭтә ҩаӡара ҳараки аԥышәеи.

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аминистрра иахагылан иреиӷьӡаз аԥсуа политикцәа. Урҭ реиҳараҩык ибзианы издыруа, иахьа уажәраанӡагьы исзааигәоу уаауп.

Аԥсуа дипломатиа аҷыда ҟазшьақәа аиуит, ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа, арахь шәааира ашьҭахь. Шәеиԥш зеиԥшу иахьа адунеиаҿ аиҭакра дуқәа анымҩаԥысуа аамҭазы реиҳа иаҭаху ракәны иҟоуп.

Аԥсны адипломатиатә маҵзура аветеранцәа, аусзуҩцәа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәҿиара Аԥсны ахьӡала, ҳаиҩызара ахьӡала!»

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: