Иҵит 15 шықәса Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеижьҭеи

Иҵит 15 шықәса Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеижьҭеи
26 August 2023 222

Нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Уи аахыс ари амш атәылаҿы иҳәынҭқарратә ныҳәаны иазгәарҭоит.

2023 шықәса нанҳәа 26 азы иҵит 15 шықәса Урыстәылатәи Афедерациа Кавказ ареспубликақәа ҩба - Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа азханаҵеижьҭеи.

Ари аамҭа аҩныҵҟа иаԥҵоуп ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра-зинтә база ӷәӷәа, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра аԥхьа инаргыланы.

Аҟәеи Москвеи рыбжьара аиҩызареи аҳаҭыреиқәҵареи шьаҭас ирыманы аизыҟазаашьақәа еиҳа-еиҳа рыҽдырҭбаауеит. Рыҽдырҭбаауеит: аполитикатә диалог, аконструктивтә усеицура, ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә усхкқәа. Ари ажәларқәа рыҩбагьы ринтересқәа ирықәшәоит, арегион аҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәара.

Агәра ганы ҳаҟоуп ԥхьаҟагьы арҭ аизыҟазаашьақәа аҿиара шроуа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: