47-тәи аинцидентқәа раԥырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм алахәылацәа реиԥылара

47-тәи аинцидентқәа раԥырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм алахәылацәа реиԥылара
29 June 2017 825
Аинцидентқәа раԥырҟәҟәаарази хырыҩ рыҭарази Амеханизм амшхәаԥштә азҵаараҟны иқәыргылан аҳәынҭқарратә ҳәааҟны еиуеиԥшым ахҭысқәа рызҵаара.

Арҭ ахҭысқәа реиҳарак аҳәынҭқарратә ҳәаа аграждантә уааԥсыра иахьеиларго ауп изыдҳәало.

Аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи хырыҩ рыҭареи рзы Амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз аиԥылара иалахәын: Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Галтәи араионтә ҟәша аиҳабы Ҭимур Шергелиа, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ацентртә аппарат аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамур Колбаиа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Гьаргь Думаа.

Аганқәа изаамҭанытәиу аилатәара ԥхынгәы 26 2017 шықәса рзы имҩаԥыргарц еиқәышыҳаҭхеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: