Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит
23 April 2020 642

Мшаԥы 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы.

Аслан Бжьаниа инапынҵақәа рынагӡара далагеит ҳәа иԥхьаӡоуп аҭоуба анышьҭеиҵа ашьҭахь.


Иахьатәи аныҳәатә церемониа иалахәуп Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа, Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа, иалху Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Зураб-иҧа Гәынба, Алхратә комиссиа хада анапхгара, 2020 ш. Аҧсны ахадарахьы алхразы акандидатцәа, аилатәара иалахәуп иара убас ҳҩызцәа – Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчызмоуи ацҳаражәҳәаҩ Алеқсеи Аркади-ҧа Двинианин, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Алада Уаҧстәыла Аҷыдалкаатәи Азинмчызмоуи ацҳаражәҳәаҩ Олег Илиа-иҧа Боциев, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Сергеи-иҧа Кәпалба.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: