Цәыббра 19 азы Цхинвал ақалақь аҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҟны алхрақәа рыҽрыладырхәит: Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аԥсны Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџь.
Цәыббра 19 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба усутә визитла Аахыҵ Уаԥстәылаҟа дцеит, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика ашьаҭаркра 31-шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа ихы рылаирхәырц.