Иахьа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаҧысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Кавказтәи Акультуратә центрқәа рфедерациа ахаҭарнакцәеи реиҧылара

Иахьа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаҧысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Кавказтәи Акультуратә центрқәа рфедерациа ахаҭарнакцәеи реиҧылара
26 September 2017 872
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра,  аиааира амш инамаданы, аҳәаанырцәынтәи Аҧсныҟа аара иаҿуп Кавказаа рхылҵшьҭрақәа.

Иахьа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаҧысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Кавказтәи Акультуратә центрқәа рфедерациа ахаҭарнакцәеи реиҧылара.

Аделегациа хадара азиуеит Кавказтәи Акультуратә центрқәа рфедерациа апрезидент Аҳмеҭ Хапат.  

Аиԥылара иалахәын Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аилак ахантәаҩы Беслан Дбар, Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟынтә анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩцәа Инар Гыцбеи Алиас Асабуеи, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мрагылара ааигәеи Африкеи ртәылақәа Рдепартамент аиҳабы Енвер Алшәындба.

Аиҧылараҿы ирылацәажәон Аҧсни Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуааи реимадара иадҳәалоу азҵаатәқәа жәпакы. Раҧхьаӡа иргыланы аиҭанеиааиразы амҩа арманшәалара, аекономикатәи акультуратәи еинырра рызҵаарақәа.

Аиԥылара мҩаԥысит аиҩызара ҟазшьа ҟәанда аманы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: